Аслан Бжьаниа аԥсуа жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит

Аслан Бжьаниа иргәалаиршәеит акоронавирус аҽацәыхьчаразы ареспубликаҿы ишалагалоу аԥкрақәа, аҳәара ҟаиҵеит аныҳәамшқәа рзы рхы еиҷаҳаларц.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 1-Sputnik. Аслан Бжьаниа аԥсуа жәлар 2021-тәи Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Ииасыз ашықәс мариамызт адунеи атәылақәа зегьы рзы. Уи иаанагеит ҳаззыԥшымыз ауадаҩра. Иҿыцны ицәырҵыз ачымазара иаԥсахит ҳзышьцылаз аԥсҭазаара. Иҳармаҷыр акәхеит ҳаиҭанаиааира, ҳаимадарақәа. Уи аԥхасҭа ду анаҭеит аекономика", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Атәыла ахада ааԥхьара ҟаиҵеит ауаажәларр рахь аныҳәамшқәа рзы рхы еиҷаҳарц, аҳақьымцәа ирабжьырго иазхәыцырц.

"Лымкаала срыдныҳәалоит уаха аныҳәа зусураҿ иаҧыло, ҳауаажәлар ргәабзиара зыхьчо аҳақьымцәа. Ҭабуп ҳәа расҳәоит рџьабаазы. Ҭабуп ҳәа расҳәоит аамҭа шымариамызгьы, зхы мшаҭакәан аҳәынҭқарра амаҵ азызуаз зегьы. Ҳымԥада ҳариааиуеит ауадаҩрақәа, аамҭа бзиақәа ҳаԥхьа ишьҭоуп", азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Атәыла ахада аԥсуа жәлар ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, ҩнаҭацыԥхьаӡа абзиабара, аизҳара.