Гәдоуҭатәи аковид-хәышәтәырҭаҿы даҽа пациентк лыԥсҭазаара далҵит

Ажьырныҳәа 1, 2021 шықәса рзы иҟоу адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи аковидтә хәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирустә инфекциа злоу апациентцәа 82-а, урҭ рахьтә 16-ҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Ашықәс ҿыц ауха Гәдоуҭатәи ковид-хәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 66 шықәса зхыҵуаз апациент ҳәа арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ иалҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым-агастроентеролог Херсина Гәлиаԥҳа, лара ажьырныҳәа 1 азы агоспиталь аҟны дҷаԥшьон.

"Ажьырныҳәа 1 ауха 66 шықәса зхыҵуаз пациенткак дыԥсгәышьеит, лара лгәабзиаразы акоронавирустә инфекциа илызцәырнагаз ауадаҩрақәа лзылхымгеит", - лҳәеит Гәлиаԥҳа.

Лара излазгәалҭаз ала, иааидкыланы агоспиталь аҿы лыҷаԥшьара аамҭа ҭынчны имҩасит. Аныҳәа аламҭалаз Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа рыбригада Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи реиԥш рҽеилаҳәаны апациентцәа Ашықәс ҿыц рыдырныҳәалеит.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны 8825-ҩык акоронавирус рыдырбалеит. Ргәы бзиахеит 6872-а, 118-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>