Аԥсны ахада игәабзиара шыҟоу еилкаахеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус изышьақәырӷәӷәоуп ҳәа адырра ҟаҵан ԥхынҷкәын 27 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 3-Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҿкычымазара зыдбало Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа игәабзиара ҭышәынтәалоуп, абри атәы Sputnik акорреспондент илеиҳәеит Аҳәынҭқарра ахада иҟны иҟоу аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа.

"Аслан Гьаргь-иԥа игәабзиара дахашшаауам. Иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, еицәахарак ҳәа акгьы ыҟам", - иҳәеит Ҷолокәуа.

Ҷолокәуа иажәақәа рыла, Аслан Бжьаниа дыҟоуп иофициалтә резиденциаҿы Аҟәа, инапынҵақәа адистанциала инаигӡоит.

Уаанӡа Алхас Ҷолокәуа "Аԥсныпресс" ишаиҳәаз ала, Атәыла ахада игәабзиара ҭышәынтәалоуп, иахәҭоу ахәышәтәра иоуеит, инапынҵақәа адистанциала инаигӡоит ҳәа.

Иара убас, мышқәа рышьҭахь аҿкычымазара акоронавирус ицәа ишалаз аарԥшын Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: