Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа дрыԥшааит ашьхараҿы иҟьалаз Москватәи атурист

Ажьырныҳәа 2 рзы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь адырра ҟаҵан Мамзышьха ашьхараҿы дышҟьалаз Москва инхо, 52 шықәса зхыҵуа аԥсшьаҩы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 3-Sputnik. Гагратәи аиқәырхаратә-аԥшааратә гәыԥ аусзуҩцәа Москва инхо аԥсшьаҩы Сергеи Краходкин дрыԥшааит, иара ақалақь ахь дааргеит. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.

Ажьырныҳәа 2 рзы Аԥсны АҶА аусзуҩцәа иара убас аԥшаарақәа мҩыԥыргон Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Ақыҭан анхаҩы Дараселиа дыӡит ҳәа адырра ҟарҵеит иҭынхацәа.

Аиқәырхаратә аоперациа иалахәын Очамчыреи Очамчыра араиони реиқәырхаратә-аԥшааратә гәыԥқәа, акинологцәа алақәа рыманы, иаадкыланы 20-ҩык аусуҩцәа.

Ахәылбыҽха адырра ҟарҵеит Тамшь анхаҩы Тҟәарчал дыԥшаан ҳәа.