Аԥсны аоперштаб: уахыки-ҽнаки рыла 133 коронавирус хҭыс ҿыци ԥсҭбараки

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 9182-ы ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 7027-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 129-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 4 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 470-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 133-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Ԥхынҷкәын 30 раахыс акоронавирус зыдбалаз 11-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 81-ы, урҭ рахьтә 73-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-ы, ибжьаратәуп - жәаҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 19-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 29-ҩык. Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 44-ҩык пациент.

Ажьырныҳәа 3 рзы амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны лыԥсҭазаара далҵит 1975 шықәса рзы ииз апациентка, лара илзышьақәырӷәӷәан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц - ихьанҭоу аформа, зыхәышәтәра хьанҭоу ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра".

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб иаанацҳахьан, ԥхынҷкәын 30, 2020 шықәса инаркны ажьырныҳәа 3, 2021 шықәсанӡа жәеизаҩык акоронавирус зыдбалаз апациентцәа рыԥсҭазаара ишалҵыз Аԥсны.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>