АҞӘА, ажьырныҳәа 4-Sputnik. Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа деибганы дрыԥшааит ашьхараҿы иҟьалаз Воронежнтәи атурист Борис Андреев, амҽыша ҵхабжьон. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Аԥшаарақәа мҩаԥыргон гагратәи аиқәырхаратә-аԥшааратә гәыԥ. Атурист данырԥшаа ашьҭахь ақалақь ахь дааргеит.
Ажьырныҳәа 2 рзы гагратәи аиқәырхаратә-аԥшааратә гәыԥ дрыԥшааит Мамзышьха ашьхараҿы иӡыз Москва инхо Сергеи Краходкин.
Аԥсны АҶА ҳтәыла асасцәа рахь аҳәара ҟарҵоит рхы гәарҭаларц, иаԥҵоу ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа дрыԥшааит ашьхараҿы иҟьалаз Москватәи атурист