Урыстәылатәи аԥшыхәцәа аԥышәарақәа арҭеит аԥснытәи ашьхарақәа рҿы

Аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны иаадырԥшит напышьашәалатәи ақәԥара шрылшо, ҳаамҭа иақәшәо аԥшыхәразы атехника ахархәашьа шырдыруа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 4-Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә ҟәша ҩышәҩык аруаа иҷыдоу адҵақәа рынагӡаразы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын жәабала арратә техника, арахь иаҵанакуеит акәылӡытранспортиор БТР-82АМ, акәылӡымашьынақәа "Тигр", "Дозор", акәылӡы змоу автомашьынақәа Камаз "Мустанг". Азхьаԥшра ҷыда аҭан аҳаракырақәа рҟны ирзымдыруаз аҭыԥқәа рҿы аныҟәарақәа, аҽыҵәахышьа аҟазшьақәа.

Аҽазыҟаҵарақәа раан атехникатә хархәагақәа – алазертә приборқәа, арадиолокациатә станциақәа СБР-3, ҳаамҭазтәи ацифратә еимадаратә хахәага "Грот-М", аԥрыгақәа СБР-3 ахархәара рыҭан.

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиԥшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: