Ԥхынҷкәын 30 раахыс акоронавирус зыдбалаз 11-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

Ажьырныҳәа 1, 2021 шықәса инаркны иахьанӡа COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы атестқәа ҟарҵомызт, асанепидемстанциа ахыбра арзҩыдара ахьымҩаԥыргоз иахҟьаны, аха аҭҵааразы абиоматериал ргон.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 4 – Sputnik. Жәеизаҩык акоронавирус зыдбалаз апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны, ԥхынҷкәын 30, 2020 шықәса инаркны ажьырныҳәа 3, 2021 шықәсанӡа, абри атәы аанацҳауеит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ахәышәтәра аиҭакрақәа аланагалеит

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ааҩык. 1938, 1944 шықәсқәа рзы ииз ҩыџьа ахацәа, хҩык аҳәса (53,66, 69 шықәса зхыҵуаз) рыԥсҭазаара иалҵит ԥхынҷкәын 30 инаркны 31-нӡа.

Ажьырныҳәа 1 азы иԥсҭазаара далҵит 79 шықәса зхыҵуаз ахаҵа, ажьырныҳәа 2 рзы рыԥсҭазаара иалҵит 1952 шықәса рзы ииз ахаҵеи, 1949 шықәса рзы ииз аԥҳәыси.

Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ԥхынҷкәын 30 инаркны 31-нӡа рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа. 1947, 1949 шықәсқәа рзы ииз ҩыџьа ахацәа, 1944 шықәса рзы ииз аԥҳәыси. Зегьы акоронавирус рзышьақәырӷәӷәан, "аполисегментартә гәыҵәкра" рыман.

Ԥхынҷкәын 30 инаркны 31-нӡа2020 шықәсазы COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 379-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 95-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Ажьырныҳәа 1 инаркны 3-нӡа COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 462-ҩык атестқәа рзыҟаҵан. Ажьырныҳәа 4 рзы еилкаахеит урҭ рахьтә 129-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>