Александр Анқәаб COVID-19 иманы ахәышәтәырҭа дҭашәеит

Акоронавирустә инфекциазы атест Александр Анқәаб изыҟарҵеит ԥхынҷкәын 29 рзы, адырҩаҽны ПЦР-тест аҭак ала еилкаахеит уи акоронавирус ицәа ишалоу.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Гәдоуҭатәи аковидтә хәышәтәырҭа дҭашәеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

"Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы иҽыхәышәтәра иациҵеит. Иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аицәахара иаҿӡам, ахәышәтәырҭаҿы ихәышәтәра иацҵатәуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Александр Анқәаб аҿкычымазара акоронавирус изышьақәырӷәӷәоуп

Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 ицәа иалоуп ҳәа адырра ҟалеит ԥхынҷкәын 30 рзы. Аԥыза-министр ичымазара уадаҩымкәа имҩасуан, асимптомқәа рҟынтәи ишоура заҵәык халон.

Уаанӡа, ԥхынҷкәын 27 рзы Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус шидбалаз еилкаахеит. Аҳәынҭқарра ахада иҟны иҟоу аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа Sputnik ишаиҳәаз ала, Атәыла ахада игәабзиара ҭышәынтәалоуп, иахәҭоу ахәышәтәра иоуеит, инапынҵақәа адистанциала инаигӡоит.