Арадио

Ханагәуа Гәылрыԥшь араион фымцала аиқәыршәаразы: лашарада акраамҭа аӡәгьы даанымхацт

Аунитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" Гәылрыԥшь араионтә ҟәша аиҳабы Зураб Ханагәуа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион ауааԥсыра фымцала реиқәыршәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik

 

Ханагәуа Гәылрыԥшь араион фымцала аиқәыршәаразы: лашарада акраамҭа аӡәгьы даанымхацт

"Ашықәс ҿыц азы лашарада иаанымхеит араион аҟны. Аныҳәа ашьҭахь Ԥшьаԥ ақыҭаҟны атрансформатор ҿыц амца акит, азауад аҟны ишҭрыжьыз ахәҭақәа ирыхҟьаны, сааҭк ала иԥсахын, алашара ҟаҳҵеит лассы. Иҟалалоит атрансформаторқәа анбжьысло, аха лашарада акраамҭа аӡәгьы даанымхацт. Уахгьы-ҽангьы ҳара ҳусура аангылаӡом", - иҳәеит Ханагәуа.

 

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: