АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лымшира лыдиныҳәалеит.
"Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәымшира. Шәара зыхьӡ хара инаҩхьоу, зегьы еицырдыруа шәаҳәаҩуп, адунеитә оператә сцена аеҵахәқәа шәраԥхьагылоуп. Шәара ишәылоу абаҩхатәра, ишәхоу абжьы хаа аклассикатә музыка абзиабаҩцәа ҽакы иаладырҩашьом, ахә ҳаракны иршьоит адунеи зегь аҟны", - ҳәа аҳәоит атәыла ахада иофициалтә саит аҟны икьыԥхьу адныҳәалара атекст аҿы.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Гьерзмааԥҳа лҟазара ҳаракы ала лыԥсадгьыл Аԥсны шӡырылго адунеи иреиӷьӡоу атеатрқәа рысценаҟны, уи азы лыуаажәлар еснагь илызгәыдууп, ҳаҭыр ду лықәырҵоит, иҭабуп ҳәагьы ларҳәоит.
Атәыла ахада аопера аеҵәахә агәабзиареи, аманшәалареи, лаԥхьаҟа лҟазараҿы аихьӡара дуқәеи лзеиӷьеишьеит.