Арепатриациа

Октаи Ҷкотуа Есеф Ҳапат изы: "Дуаҩы лашан, инымаалоз ҟазшьак идсымбалацызт"

Акыршықәса раԥхьа Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь наӡаӡа нхара ҳәа ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ , Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Есеф Ҳапат иаамҭанымкәа идунеи иԥсахит. Иҩыза гәыблыла дигәалаиршәоит Октаи Ҷкотуа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

90-тәи ашықәсқәа инадыркны Тырқәтәылантәи иааны зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхоз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьаз Есеф Ҳапат иаамҭанымкәа иԥсҭазаара дахьалҵыз даара игәыхьны ирыдыркылеит иара дыздыруаз зегьы. Еснагь зхы-зҿы еихалашоз, иуаҩы аамысҭашәаз, аҳәатәи аҳәашьеи иақәшәоз, пату-ҳаҭыр зқәыз Есеф Ҳапат доуҳала акыр дшыӷәӷәазгьы, адунеи иалаҵәаз аҿкычымазара дзацәымцеит. Ишьҭахьҟа иара инижьит игәазхара изымбацыз аҭаацәа ԥшӡа, ахьӡ бзиа, аиҩызара ҷыда.

"Есеф ихуҳәааша даара ирацәоуп, егьа ажәа ссир изукыргьы, имаҷуп. Уаҩԥсык иаҳасабала, ԥсыуак иаҳасабала уҳәа зегь рыла иҿырԥшыгаз уаҩын. Иара иҭаацәаратә еизыҟазаашьа, итәашьа-игылашьа, ицәажәашьа, ихымҩаԥгашьа акыр ухнахуан, зегь рыла дҿырԥшыган, дуаҩы лашан", - ҳәа азгәеиҭоит Есеф иҩыза бзиа Октаи Ҷкотуа.

Октаи Ҷкотуа Есеф Ҳапат изы: "Дуаҩы лашан, инымаалоз ҟазшьак идсымбалацызт"

Есеф Ҳапати Октаи Ҷкотуеи еибадыруеижьҭеи 30 шықәса инареиҳауп. Аԥсуаа рҟны ишаԥу еиԥш, рыцәгьа-рыбзиа еилан, зегь рыла еиларсны иҟан.

"Есеф иҟынтәи сара ахаан ажәа кьаҳәк смаҳацызт, инымаало ҟазшьак идсымбалацызт. Иуадаҩуп, аиашазы ихәҭоу ажәа аҳәара, иԥсадгьыл абзиабара иара илан, иуаажәлар пату рықәиҵон, иаргьы ҳаҭыр-патула изнеиуан", - игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Октаи Ҷкотуа.

Зыԥсадгьыл ахь ахынҳәра зқәашьхаз, забдуцәа рџьынџь аҿы зыҵәҩаншьап азырсыз Есыф Ҳапат и-Аԥсны ԥшӡа бзиа ибон, иԥсы алан, ианаҭахха аамҭазгьы, бџьаршьҭыхла иҩызцәа дрывагыланы аӷа хәымга диҿагылеит, иԥсадгьыл ихьчеит.

Октаи Ҷкотуа Есеф Ҳапат изы: "Дуаҩы лашан, инымаалоз ҟазшьак идсымбалацызт"

"Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа раԥхьа ихынҳәқәаз ҳџьынџьуаа дреиуан Есеф. Убринахысгьы иԥсадгьыл аҿы дынхон-дынҵуан, даӡәыкны иуаажәлар дрылагылан, ижәлар рхьаа ихьаан, ргәырӷьара игәырӷьаран. Аха, илахьынҵа кьаҿын умҳәозар…" - дҳацәажәон Октаи Ҷкотуа.

2013 шықәса рзы Аԥсуа телехәаԥшрала ицоз адырраҭара "Агәыӷра" аҟны Есеф Ҳаԥаҭ абас иҳәеит:

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага сыԥсадгьыл аҟны сыҟан, Алашарбага аҳаблаҿы адгьылҭыԥқәа ҳарҭан, аҩны аргылара ҳаҿын, ус ауп ажәабжь хлымӡаах шҳалаҩызгьы. Иҳамаз-иҳахӡыз ала ҳҽааибаҳҭан Ацҳа ҟаԥшь аҿы ҳнеит, уаҟа еилагылан зегьы, ашәарыцага шәақь зкызгьы дубарын. "Аидгылара" аҿы ҳнеит, уа ауаа рацәа ыҟан, зегь ззыԥшыз абџьар акәын… Ус Ҭырқәтәылантәи арԥарцәа рҽеидкыланы иааит, уи анаҳба, ҳарҭгьы ҳгәы шьҭыҵит. Аҭыԥантәи аԥсуаа акыр иҳахӡыӡаауан, ҷыдала иаҳзыҟан ҳара", -ҳәа азгәеиҭон Есефи сареи ҳаиҿцәажәараҟны шықәсқәак раԥхьа.

Есеф Ҳапат ичымазара аҵыхәала аҵыхәтәантәи аамҭазы иҽихәышәтәуан Ҭырқәтәыла, иара уаҟоуп иԥсҭазаарагьы дахьалҵыз. Иҟоу аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩугьы, иара иԥсыбаҩ аагахоит Аԥсныҟа, иԥсы зыҿҳәараз иԥсадгьыл гәакьаҿ анышә дамардоит.

"Абри ахҭысгьы иунарбоит Есеф дзакәыз. Иуаажәлари иԥсадгьыли рахь иааирԥшуаз аизыҟазаашьа закәыз еилыкка иуанаҳәоит. Ҳгәаҵаҿы наӡаӡа ихы-иҿы лашаӡа даанхоит, даара ҳгәы далсит, иԥсаҭа бзиахааит", - хәа азгәеиҭоит Октаи Ҷкотуа.

Аԥсуара иагәҭылсаз, зыламыс цқьаз, зыуаҩра ҳаракыз Есеф Ҳаԥаҭ ихьӡ лаша ҳгәаҵаҿы гәыблыла иаанхоит.