COVID-19 зыдбало Александр Анқәаб иҽыхәышәтәра иациҵоит Урыстәыла

Акоронавирустә инфекциазы атест Александр Анқәаб изыҟарҵеит ԥхынҷкәын 29 рзы, адырҩаҽны ПЦР-тест аҭак ала еилкаахеит уи акоронавирус ицәа ишалоу, ажьырныҳәа 4 рзы иара Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа дҭашәеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. COVID-19 зыдбало Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ихәышәтәразы урыстәылатәи ахәышәтәырҭахь ддәықәҵахоит. Абри атәы аанацҳауеит аминистрцәа реилазаара асаит.

Александр Анқәаб ихәышәтәразы Урыстәылаҟа ишьҭра ахәҭоуп ҳәа рыӡбеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҳақьымцәа рконсилиум ашьҭахь, ичымазара аҽарӷәӷәар аҽацәыхьчаразы.

Аҳақьымцәа ирыԥхьаӡоит, Анқәаб иҭагылааашьа бжьаратәуп ҳәа, аха интенсивла ахәышәтәра иҭахуп.

Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 ицәа иалоуп ҳәа адырра ҟалеит ԥхынҷкәын 30 рзы, ажьырныҳәа 4 рзы иара Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа дҭашәеит. Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура ишаанацҳауаз ала, аԥыза-министр иҭагылазаашьа ҭышәынтәалан, аицәахара иаҿӡамызт, аха ахәышәтәырҭаҿы ихәышәтәра иацҵатәын.

Уаанӡа, ԥхынҷкәын 27 рзы Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус шидбалаз еилкаахеит. Аҳәынҭқарра ахада иҟны иҟоу аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа Sputnik ишаиҳәаз ала, Атәыла ахада игәабзиара ҭышәынтәалоуп, иахәҭоу ахәышәтәра иоуеит, инапынҵақәа адистанциала инаигӡоит.

Ажьырныҳәа 6 рзы иҟоу адыррақәа рыла, аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 9465-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 7196-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 136-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Александр Анқәаб COVID-19 иманы ахәышәтәырҭа дҭашәеит