Sputnik
Ешыра ақыҭан ҳаҭыр зқәыз Арзамеҭ Хьыбба игәараҭаҟны диит заԥхьаҟа иҵарауаҩхараны иҟаз Лиудмила Хьыбба. К.Ф.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ- интернат даналга, дҭалоит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә институт, афилологиатә факультет, аԥсуа бызшәеи, аурыс бызшәеи рыҟәша. Анаҩс лҵара иацылҵоит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны. 1990-шықәсазы акандидаттә диссертациа лыхьчоит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Лиудмила Хьыбба иаалырԥшуан агәымшәара. Дымшәаӡакәан аԥсуа еибашьцәа ацхыраара рылҭон. Агазеҭқәа рыҟны ирацәаны ирнылеит лыстатиақәа аԥсуаа еибашьцәа ирызкны.
Апатриот ду, еснагь збызшәеи зыԥсадгьыли хьаас измаз, уи еснагь иӡырызгоз дыруаӡәкын. Аус лыцызуаз, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы Ахра Анқәаб иҳәоит, Лиудмила Хьыбба имаҷымкәан ажәа зхҳәаатәу хаҭароуп ҳәа. Иазгәеиҭеит, лқәыԥшра шықәсқәа инадыркны, лыԥсҭазаара змалдаз лыԥшәма - апоет, аҵарауаҩ Владимир Платон-иԥа Анқәаб ихықәкы хада ицназыгӡоз арҵаҩы, ааӡаҩ, амҩақәҵаҩ лакәын ҳәа.
"Лиудмила Арзамеҭ- иԥҳа сара хаҭала ауниверситет санҭала 1991 шықәсазы ауп иааигәаны ҳанеибадыр. Дарбан абиԥаразаалакгьы, ҳара аҵара ҳацызҵоз, анаҩс ауниверситет иҭалаз роума, ирацәоуп лџьабаа еиҵагылоз абиԥара рымҩақәҵараҿы рааӡараҿы. Хаҭала лара дыздыруаз, узызҵаалакгьы, иазгәеимҭарц залшом лара лыуаҩра. Астудент иҵара ҵара адагьы, зеиԥшла иара иԥсҭазаара еилкааны, гәыблыла, ҩнуҵаҟала дазнеиуан. Убас иҟаз арҵаҩцәа ираԥхьагылаз дреиуан",- ҳәа иҳәоит Ахра Анқәаб.
Лиудмилла Хьыбба 2006 шықәсазы Еврокомиссиа иҟанаҵаз ааԥхьарала дцоит Ҭырқәтәылаҟа аԥсуа бызшәа арҵаҩыс.
"Иҟан аамҭакәак, еиҳараӡак аибашьра ашьҭахь (1992-1993ш.) ҳџьынџьуаа мшыннырцә инхо ҳбызшәа адырҵаразы адунеижәларбжьара рымчала азин аныҟамыз, аха ус шакәызгьы ҳбызшәа агәыбылра, ҳбызшәа азхьарԥшра дҵас иганы, дцаны , дымшәа -дмырҳа абызшәа длырҵон Ҭырқәтәыла", - ҳәа дазааҭгылоит Анқәаб Ахра.
1987 шықәса инаркны афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Лиудмила Хьыбба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедраҿы аус луан, аԥсуа литература аҭоурых азы алекциақәа ркурс дрыԥхьон. Аҵара злырҵоз лыстудентҵәа гәалсра дула иҳадаҳкылеит лыԥсҭазаара лалҵра ҳәа лҳәоит лыстудентцәа руаӡәк Наала Гәымԥҳа.
"Еснагь зхы-зҿы зхаччоз, згәалаҟара бзиаз, астудентцәа ирзааигәаз, анык леиԥш ухьаа, угәырҩа уцеиҩызшоз, уеилызкаауаз лакәын Лиудмила Арзамеҭ- иԥҳа. Аудиториа ашә аартны дааҩналон, алекциахь ҳаиасаанӡа доусы ҳгәалаҟазаара дазҵаауан, илахь еиқәны аӡә дылбар игәы шьҭылхуан, алаф бзиа илбон, улырлахҿыхуан", - лҳәоит лара.
Гәымԥҳа лажәақәа рыла, Лиудмила Хьыбба ирзеиҭалҳәон ашәҟәы ианымыз, даара аинтерес зҵаз ажәабжьқәа, лнысымҩа, аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи лареи реиҩызара уҳәа, лыԥсҭазаара иаҟәырҷахыз ахҭысқәа.
"Ахаан иаҳхамышҭуа ҳгәалашәараҟны иаанхоит ллекциақәа, ҳаиҿцәажәарақәа. Иуадаҩуп азхәыцра, ухаҿы аагара Лиудмила Арзамеҭ-иԥҳа уаҳа ахаан лыбжьы ҳаҳауам ҳәа. Агәалашәара заҵәык ҳзаанхеит, уи ыҟанаҵ, ҳааигәа дыҟоуп наунагӡа, рҳәоит астудентцәа.
Аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа литература акафедра адоцент, апоет, аиҭагаҩ, Аԥсны Иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Лиудмила Хьыбба 67 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит.