Салаҟаиаԥҳа: ҳинститут иамаӡам аӡыргара ахә, ҳфинанстә ҭагылазаашьа уадаҩуп
© Sputnik
"Ԥхынҷкәын 31 рзы аус ҳуан, ажьырныҳәа аказгьы, иахьагьы аус ҳуеит, аха даара ҳгәы ҳзырхьуагьы ыҟоуп. Егьырҭ аобектқәа ҳахьрыхәаԥшуа ҳара иаҳа ҳаԥсыҽны ҳаауеит. Аԥсшьаҩцәа рхала иаауа ҳара ҳахь иааиуеит, аха абри агәыԥқәа еиҿкааны, анкьа ишҳамаз еиԥш, 40-50 -ҩык ыҟам. Агәыԥқәа ҳбаӡом зынӡа. Сырзасуан, срыҳәон, афирмақәа ауаа ҳзаарышьҭларц, ҳаргьы ҳаобект, ҳәарада, ҳацклаԥшлароуп, уи аус наҳагӡоит. Ҳинститут иамаӡам аӡыргара ахәгьы, ҳфинанстә ҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, ацхыраара ҳҭахуп", - еиҭалҳәеит Салаҟаиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Салаҟаиаԥҳа амаамынааӡарҭа аԥсшьаҩцәа раҭааразы: атурфирма дуқәа макьана ҳаргәалашәаӡом