Арадио

Габниа еиҭеиҳәеит Баслаҭа инхо ӡыла реиқәыршәаразы аусқәа ахьынӡанагоу атәы

Баслаҭа ақыҭа ахада Владислав Габниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ауаа ӡыла реиқәыршәаразы изҿыз ауснагӡатәқәа ахьынӡанагоу атәы.
Sputnik

 

Габниа еиҭеиҳәеит Баслаҭа инхо ӡыла реиқәыршәаразы аусқәа ахьынӡанагоу атәы

"…Аӡрыжәтә ақалақь аҟынтәи иаагон. Ус ҳшыҟаз, аӡы ҳзыҟарҵеит ақалақь аҟынтәи иаауа, аха рыцҳарас иҟалаз, аӡеизакырҭа 400 нызқь кубометра зкуа, иахьшьоу аҟынтә аӡы иахәҭоу ирызҭаҭәом. Аӡы ҳазхом, аԥхын ауадаҩрақәа ҳамоуп. Аграфик ала ашәахьа, ахаша, ахәаша асааҭ акы инаркны фба рҟынӡа иҳарҭон. Ауаа зегь рахь аӡы знеиуамызт… Иҳаӡбеит аҭыԥан иҳамоу аӡхагалагатә станциаҟынтәи здиаметр маҷу аӡымҩангага шьҭаҵаны, уи аҟынтәигьы ауаа аӡныхтә рхы иадырхәо аҟаҵара, ақалақь аҟынтәи иаауа аӡрыжәтәгьы рто. Амаҭәахәқәа зегьы аахәаны ишьҭарҵахьеит, аныҳәақәа рышьҭахь иҟарҵозар ҳәа ауп", - иҳәеит Габниа.

 

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: