Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны COVID-19 рыдырбалеит даҽа 169-ҩык ауааԥсыра

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус рыдырбалахьеит 9782-а ауааԥсыра, урҭ рахьтә 141-ы рыԥсҭазаара иалҵхьеит, 7294-ҩык ргәы бзиахеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 615-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 169-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ажьырныҳәа 8 рзы иԥсҭазаара далҵит 1954 шықәсазы ииз апациент. Уи изышьақәырӷәӷәан адиагноз хада - "акоронавирустә инфекциа ҿыц", иара убас зыҽзыруадаҩыз ачымазара хада "ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра".

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 93-ҩык, урҭ рахьтә 80-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 28-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 15-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 30-ҩык. Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 45-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 9782-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 7294-ҩык.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>