Москва имҩаԥысраны иҟоуп Путини, Алиеви, Пашиниани реиҿцәажәарақәа

Ашьха Ҟарабахтәи аимак азонаҿы ахымца аанкыларазы Ермантәылеи Азербаиџьани Урыстәыла абжьаҟазарала аҳәамҭа ҷыда ҟарҵеит абҵара 10, 2020 шықәсазы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Владимир Путин иаԥшьгарала Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани иареи злахәу х-гакнтәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысраны иҟоуп Москва, ажьырныҳәа 11 рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Кремль апресс-маҵзура ажәақәа ҵаҵгәыс иҟаҵаны.

"Владимир Путин иаԥшьгарала Москва ажьырныҳәа 11 рзы имҩаԥысраны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа, Азербаиџьантәи Ареспублика, Ермантәылатәи Ареспублика рхадацәа  злахәу х-гакнтәи аиҿцәажәарақәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Кремль аҿы иара убас иазгәарҭеит Владимир Путин Ильхам Алиеви Никол Пашиниани аӡәаӡәала драцәажәарц игәы ишҭоу.

Алиев Ҟарабахҟа иааԥхьаз аруаа етап-етапла арраҟынтә рхы ишақәиҭыртәуа иҳәеит

Ахтәылак рхадацәа ргәы иҭоуп Москва имҩаԥысраны иҟоу аиԥыларақәа раан Ашьха Ҟарабахтәи аимак аҭышәныртәалара амҩақәеи арегион аҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы ашьаҿақәеи  ирылацәажәарц ҳәа аҳәоит Кремль апресс-маҵзура.

Иара убас иагәаҭоуп иҷыдоу азҽлымҳара шаадырԥшуа аибашьра ахьымҩаԥысуаз араионқәа рҟны ԥырхага зауз анхацәа ацхыраара рыҭареи атауар-економикатәи атранспорттәи еимадарақәа раартреи рырҿиареи азҵаарақәа.

Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарцәгьеит цәыббра 27 рзы. Бџьаршьҭыхрыла аиҿагылара аанкыларазы аҽазышәарақәа ҟаҵан. Убас, Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачинтәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит. Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачинтәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: