Гагра алифт ашахта иҭаҳаз аҷкәын иԥсҭазаара далҵит

Жәаф шықәса зхыҵуа аҷкәын Гагра зыргылара хыркәшам аҩнаҿы алифт ашахта дҭаҳаит ахәаша, ажьырныҳәа 1 азы. Убри аҽны иара Аҟәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 11-Sputnik. Гагра, алифт ашахта иҭаҳаз Николаи Архипов иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 11 рзы, шьыбжьон, абри атәы иҳәеит аҷкәын дызхәышәтәуаз аҳақьым Олег Оҭырба.

Аҳақьым иажәақәа рыла, аԥсҭазаара иамарамыз иаахақәа ирыхҟьаны аҷкәын иԥсҭазаара далҵит.

Олег Оҭырба иҳәахьан аҷкәын иҭагылазаашьа шыуадаҩыз, дыӷәӷәоуп ҳәа. Амашәыр иақәшәаз аҷкәын иан Елена Лысак Краснодарҟа дылгарц лгәы иҭан иҭагылазаашьа маҷк еиӷьхар, аха амҩа дықәугалар илшо дыҟамызт.

16 шықәса зхыҵуа аҷкәын Гагра зыргылара хыркәшам аҩнаҿы алифт ашахта дҭаҳаит ажьырныҳәа 1 азы. Убри аҽны иара Аҟәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган.

Аҷкәын ихәдаџьали агәышԥы иахьаҵанакуа ибӷашшареи ԥҵәан, ихшыбаҩ ааха аман.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра гагратәи аҟәша аусзуҩцәа амашәыр шыҟалаз азы аусҭҵаара мҩаԥнагоит.