Аԥсны аоперштаб: уахыки-ҽнаки рыла 179 коронавирус хҭыс ҿыци ԥсҭбараки

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус рыдырбалахьеит 9961-ы ауааԥсыра, урҭ рахьтә 142-ы рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Ргәы бзиахеит 7506-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 528-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 179-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ажьырныҳәа 9 рзы иԥсҭазаара далҵит 74 шықәса зхыҵуаз апациент. Уи изышьақәырӷәӷәан адиагноз хада - "акоронавирустә инфекциа ҿыц".

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 112-ҩык, урҭ рахьтә 91-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 46-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-ы, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 32-ҩык. Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 50-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>