COVID-19 змоу рзы Пицунда астационар актәи асмена амедусзуҩцәа русура хдыркәшеит

Акоронавирустә инфекциа имариани ибжьаратәни изхызго апациентцәа ԥхынҷкәын 28 раахыс Пицундатәи ахәышәтәырҭаҿы иаарту астационар аҿы рыхәышәтәра мҩаԥыргар рылшоит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12– Sputnik, Бадри Есиава. COVID-19 змоу апациентцәа рзы Пицундатәи ҽынлатәи астационар амедусзуҩцәа ҩымчыбжьтәи рыҷаԥшьара ашьҭахь актәи асмена арҭеит, ҳәа ааицҳауеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Савели Серетиди.

Серетиди иҳәеит амедеҳәшьцәа ахыԥхьакратә режим ахь ишцаз, акоронавирус азы иарҭаз атестқәа рҭакқәа ишырзыԥшу. Ажьырныҳәа 11 рзы аҽа ҩыџьа амедеҳәшьцәа асмена рыдыркылеит.

"Астационар ааҳартызар, 31 пациент рыхәышәтәра– аинфузиатә терапиа иахысит. Агәырқәа, акапельницақәа ҟарҵеит. Ичмазцәоу рхыԥхьаӡара акыр еиҳауп, аха урҭ ахәшәқәа рыдыркылоит, ҳара ҳахь иааиуам", - иҳәеит иара.

Аҳақьым хада иҳәеит иҟоу аҭагылазаашьаҿы аусура акыр ишыуадаҩу.

COVID-19 змоу рзы Пицунда ҽынлатәи астационар аадыртит

"Асааҭ 9:00 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа ахыхьчагатә комбинезонқәа рышәҵаны, асабрадақәеи анапхаҵақәеи рымӷаҵаны, абахилқәа рышьаҵаны, ахылԥақәа рхаҵаны аус руроуп. Рыԥсы анеиҭаркуаҵәҟьагьы ишырҭаху изтәом изгылом. Арҭ ахыхьчагақәа зегьы гагратәи ахәышәтәырҭаҟынтә иҳауеит. Асмена ашьҭахь арҭ зегьы икарыжьуеит",- иҳәоит иара.

Ԥхынҷкәын 28 рзы Пицунда ҽынлатәи астационар COVID-19 змоу рзы иаадыртит. Арахь инеир алшоит ибжьаратәуи ицәгьами аҭагылазаашьа змоу. Дара ара апроцедурақәа ирхысыр ҟалоит. Уажәазы 12 иараҭыԥ амоуп, аха иалшоит 20 иараҭыԥ рҟынӡа арҭбаара.

Астационар аусура алагара аламҭалаз иԥсахын афымцатә цәаҳәақәа, иқәыргылан арԥхагақәа, Аҟәантәи акварц лампақәа наргеит.

Уаанӡа, аҵыхәтәантәи аҩымз рыҩнуҵҟа Пицунда ауааԥсыра рыбжьара акоронавирус зцәа иалоу ауаа рацәаҩхеит ҳәа иҳәахьан аҳақьым хада.