Гәдоуҭатәи ковид-центр аҿы аусуразы аҳақьымцәа еизгоу рыбригадақәа еиҿкаауп

Ажьырныҳәа 11 азтәи адыррақәа рыла Аԥсны иахьазы ҩнызқьҩык иреиҳауп COVID-19 змоу.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Гәдоуҭатәи ковид-центр аҿы аусуразы аҳақьымцәа еизгоу рыбригадақәа еиҿнакааит Агәабзиарахьчара аминистрра ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аоперштаб аилатәараҿы иазгәаҭан агәабзиарахьчаратә усҳәарҭақәа рҿы амедперсонал разымхара апроблема.

"Аха ҳара ихадоу азхьаԥшра аҳҭалароуп аковид центр хада. Раԥхьа иргыланы ареанимациа аҟәша еиқәыршәатәуп аҟазацәа рыла",- азгәеиҭеит Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа иазгәеиҭеит, амедусзуҩцәа рсиа рхианы ахәышәтәырҭақәа рнапхгаҩцәа ишырзынашьҭу.

"Аҳақьымцәа мзызқәак ирхырҟьаны аҷаԥшьарахь изымцозар аҳақьым хадацәа Аоперштаб адырра арҭароуп, излалшо ала аҟазауаҩ дрыԥсахроуп",- ҳәа иҳәеит Алхас Конџьариа.

Ажьырныҳәа 11 азтәи адыррақәа рыла Аԥсны авирус рыдбалоуп 9961-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 142-ҩык, ргәабзиара шьақәдыргылеит 7506-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: