Аҟәа сааҭқәак ҳәа ӡыда иаанхеит

Ахаша ажьырныҳәа 13 рзы Аҟәа ақалақь Омар Беигәаа имҩаду аҿы ишьҭоу аӡымҩангага аԥхасҭа аиуит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы аӡрыжәтә аанкылоуп асааҭ 15:00 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Аҟәатәи АУН "Аӡыканал".

Аӡрыжәтә ааныркылеит аҳҭнықалақь аҿы Омар Беигәаа имҩаду аҵыхәан здиаметр 500 миллиметр иҟоу аӡымҩангага ахьԥжәаз азы ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

"Аӡыканал" аҭамзаара шьҭанаҵоит иҟоу ауадаҩрақәа рзы.