Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2021 шықәса жәабранмза 10 рҟынӡа ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа ирыцҵазарц адҵа.
Ҭорҭиа еиҭеиҳәеит аҿкычымазара аганахьала Тҟәарчал иахьазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу
© Sputnik
"Аԥсны зегьынџьара еиԥш ачымазара ауадаҩрақәа ацуп ҳара ҳҟынгьы. Жәохәҩык риарҭа ыҟоуп, ачымазцәа ахылаԥшра рымоуп. Арҭ ахымшк даҽа жәохәҩык ацлеит ачымазцәа. Аиаша шәасҳәап, ԥасатәи аамҭа аасҭа ачымазара даара аҽарӷәӷәеит. Амедицина аусзуҩцәа ирылшо зегь ҟарҵоит, макьаназы ус ԥсҭбарада ҳааиуеит. 150-ҩык инареиҳаны аҩны рҽырхәышәтәуеит амедицинатә усзуҩцәа рхылаԥшрала. Атестқәа рыла макьана аиԥҟьара ыҟам, абиоматериал злагәарҭо ыҟоуп", - иҳәеит Ҭорҭиа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит