Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә база аҟны алаҵаҟаҵара иалагеит

Акоронавирус аҟынтәи ҩ-компонентк рыла еилоу алаҵа "Спутник V" хәышә доза аагоуп Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә базахь.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 15-Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә база аҟны аҿкычымазара иаҿагыланы алаҵаҟаҵара иалагеит, абри атәы аанацҳауеит ААБ апресс-маҵзура.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә базахь иаагоуп алаҵа "Спутник V" раԥхьатәи апартиа- хәышә доза.

COVID-19 аҟынтәи алаҵа рзыҟаҵахоит анапхгаратә еилазаара, аррамаҵзурауаа, амаҵзуратә напынҵақәа назыгӡо аруаа. Алаҵа ҟазҵо аррамаҵзурауаа зегьы амедицинатә гәаҭарақәа ирхысит, ршоура ршәеит.

Иазгәаҭоуп, алаҵаҟаҵара иззыцәгьахаз, ма изызхымгаз ҳәа уаҩ дыҟам.

Алаҵаҟаҵара мҩаԥыргоит хатәгәаԥхарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: