Арадио

Бараҭелиа: "сгәыла амаининг изықәгылоуп" ҳәа аӡәгьы иҳәараны дыҟам

Аԥсны ахада иусбарҭаҿы амаинингқәа рызҵаарала имҩаԥгаз аилацәажәара иалахәыз Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ақыҭақәа рҿы аизарақәа рымҩаԥгара шигәҭаку.
Sputnik
Бараҭелиа: "сгәыла амаининг изықәгылоуп" ҳәа аӡәгьы иҳәараны дыҟам

"Ари аамҭа зегьы иалагӡаны аҭагылазаашьа еиӷьхартә ҳәа са исымбеит. Аилацәажәараҿы исгәамԥхаз ақыҭа аиҳабацәеи араион ахадацәеи ирдыруазароуп рҳәеит афермақәа ахьыҟоу. Аха ҳара ҳаиҳа, афымцазҟазацәа иаҳа ирдыруеит. Афермақәа анаҿырхлак ашьҭахь инеины иаҿазкуада дара ида? Администрациақәа рҟны инеины ауааԥсыра ирҳәалааит зҿы амаинингқәа ықәгылоу ҳәа рыларҳәеит, аха дазусҭа "сгәыла изықәгылоуп" ҳәа днеины изҳәо. Уи даара ихьанҭахоит, ҟаҵашьагьы змам усуп. Акызаҵәак, ҳгәы иҭоуп ақыҭақәа рҿы аизарақәа рымҩаԥгара, "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа алархәны. Анхацәа ԥырхага рызҭо ыҟазар, уа ирымҳәар ауӡом. Ус дцәыҵалан аԥсуа акгьы изҳәаӡом, аха аизараҿы уҿаҟны иаҳа иуаиҳәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бараҭелиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: