Арадио

Ҷолокәуа амаинингтә фермақәа русура аанкылара азҵааразы: ирӷәӷәахоит

Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа арадио Sputnik аҟны иҳәеит амаинингтә фермақәа изакәанымкәа ицо русура аанкыларазы ахылаԥшра иаҳа ирӷәӷәахоит ҳәа алкаа шыҟаиҵаз, ааигәа имҩаԥысыз аилацәажәара аихшьаалақәа рыла.
Sputnik
Ҷолокәуа амаинингтә фермақәа русура аанкылара азҵааразы: ирӷәӷәахоит

Аԥсны иахьаҵанакуа ԥхынҷкәын 8 раахыс амаининг фермақәа русура аанкылоуп 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа. Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа ажьырнаҳәа 13 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит араионқәа рхадацәа алархәны. Уаҟа иазааҭгылан акриптоԥара зырҳауа амаинингтә фермақәа русура аанкылара азҵаара.

"Ирӷәӷәахоит уи аус ҳәа алкаа ҟасҵеит (амаинингтә фермақәа русура аанкылара –аред.). Аилатәара иалахәыз зегьы рҟынтәи аилибакаара ыҟоуп ари аус хылаԥшра аҭамхар, афымцамч аганахьала аҭагылазаашьа иаҳагьы ишыуадаҩхо. Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы араионқәа рхадацәа рҿаԥхьа адҵа ықәиргылеит амилициеи афымцамч аусзуҩцәеи рымацара ирыдырмыжьларц ари аус. Ақыҭақәа рнапхгаҩцәа рҿаԥхьа ари азҵаара иӷәӷәаны иқәдыргыларц адҵа рыҭан. Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы иҳәеит аус ишацрымҵуа аҭыԥ иқәҵахаанӡа", - иҳәеит Ҷолокәуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: