АҞӘА, ажьырныҳәа 15 – Sputnik. Ҩымш рыла акоронавирус зцәа иалаз даҽа фҩык рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны рыԥсҭазаара иалҵит ԥшьҩык апациентцәа. Хҩык ахацәа рыԥсҭазаара иалҵит ажьырныҳәа 13 рзы. 1950 шықәса рзы ииз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 14 аҽны. Дара зегьы ирзышьақәырӷәӷәан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц". Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа.
Ажьырныҳәа 13 рзы иԥсҭазаара далҵит 1933 шықәса рзы ииз ахаҵа, ачымазара хада "ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра". Иара убас, ажьырныҳәа 13 рзы лыԥсҭазаара далҵит 1940 шықәсазы ииз аԥҳәыс, илзышьақәырӷәӷәан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", иара убас зыҽзыруадаҩыз ачымазара хада "ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра".
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 101-ы, урҭ рахьтә 91-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 34-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 26-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 33-ҩык, агоспиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 53-ҩык апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10378-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8130-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 151-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>