Адлертәи аӡбарҭа закәаншьаҭада Аԥсныҟа анаркотикқәа алазгалоз иганахь аӡбамҭа аднакылеит

Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны дааныркалеит урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьарқәа алазгалоз ахаҿы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16-Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә Адлер араионтә ӡбарҭа закәаншьаҭада Аԥсныҟа анаркотикқәа алазгалоз ахаҿы иганахьала аӡбамҭа аднакылеит, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Ахаҵа ахылаԥшра апункт ахь даннеи дгәарҭеит, иагьидырбалеит анаркотикатә маҭәашьарқәа, иаарԥшыз аилаҳәара иагәылан метадон (фенадон, долофин).

Иԥшааз аилаҳәырақәа иргәылыз аекспертиза мҩаԥган.

Атәылауаҩ ахара идҵоуп анырра ӷәӷәа ҟазҵо амаҭәашьар аконтрабандазы. 10 шықәсеи мызки аҭакра иқәҵоуп иӷәӷәоу арежим иатәу ариашаратә колониаҿы.

Аӡбарҭа аӡбамҭа амчра аиуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: