Аԥсны аоперштаб: уахыки-ҽнаки рыла 108 коронавирус хҭыс ҿыци ԥсҭбараки

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 506-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 108-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Акоронавирус зцәа иалаз, ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра змаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы, ажьырныҳәа 14 рзы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 102-а, урҭ рахьтә 90-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 40-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 26-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 26-ҩык, амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 57-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10486-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8190-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 152-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>