Бжьаниа Тамшь атуробиект агәаҭараан: аинвесторцәа аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥаҳҵоит

Урыстәылатәи атуристтә компаниа "Библио-Глобус" Тамшь ақыҭан атуристтә обиект ду аргылара иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Аԥсны аинвесторцәа рзы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥаҳҵалоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭаҿы зыргылара иаҿу атуристтә комплекс агәаҭаразы дахьнеиз.

Ахада иазгәеиҭеит хаҭала аобиектқәа рахь дышнеило, хылаԥшра шриҭало, аинвесторцәа дышрыцхраало.

"Аинвестор акы дацәымшәартә дҟаларц азы аҭагылазаашьа бзиақәа изаԥаҳҵалоит. Аинвестициақәа зыԥсахуа ҳәа ак ыҟам", - ҳәа инаҵишьит атәыла ахада.

Тамшь ақыҭан 150 коттеџь дыргыларц ргәы иҭоуп, урҭ рыцԥхьаӡа асасааирҭатә номерқәа ҩба-ҩба рымазаауеит, аӡәы, ҩыџьа, мамзаргьы хҩык атуристцәа ҩналар ахьрылшо. Аобиект аҿы иҟалоит атуристцәа шықәсынаҟьак рыԥсы ршьарц азы алшара рызҭо аинфраструктура. Ара еиҿкаахоит: аспорттә комплекс, ахәыҷқәа рыхәмарырҭа, алшықәсанык аус зуло идырԥхо ахәыҷқәеи адуцәеи рзы аӡҭарчқәа.

Бжьаниа Тамшь атуробиект агәаҭараан: аинвесторцәа аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥаҳҵоит

Тамшь ақыҭаҿы иҟалараны иҟоу атуристтә обиект азы акоттеџьқәа реизгаразы ацех аусура иалагахьеит. Аҽазыҟаҵаратә усурақәа раан аус руан 50 рҟынӡа аусзуҩцәа, урҭ реиҳараҩык Тамшь ақыҭауааи ааигәа инхо ауааԥсыреи роуп. Уажәы мҽхакы ҭбаала аусурақәа ирылагоит, аусурҭа ҭыԥқәагьы акыр ирыцлоит. Ауалафахәы 30 нызқь мааҭ иреиҳахоит.