Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит жәабранмза 10 рҟынӡа ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа ирыцҵазарц Адҵа. Аԥкрақәа ирыҵаркуеит ацәамаҭәеи афатәи рџьармыкьақәа аамҭа-аамҭалатәи русура.
Аҟәатәи аџьармыкьа хада аус аулоит мчыбжьык ахь ҩынтә: аԥшьашеи асабшеи. Ацәамаҭәатә џьармыкьа "Ахәаахәҭратә комплекс "Сухумприбор" аус аулоит аҩашеи амҽышеи.
"Аныҳәақәа ирыхҟьаны макьана иуадаҩуп аҳәара аџьармыкьа аус анауа амш азы ауаа рацәахо ирацәамхо. Уажәы анеиааира иаҳа имаҷуп. Аџьармыкьа иаҵанакуеит иара аҩнуҵҟа иҟоу аргыларақәеи, ԥшьганк рҳәааи, амҩанхыҵ шьҭа аџьармыкьа иаҵанакӡом. Ҳара иҳаҵанакуа зегьы аркуп, аӡәгьы аус иуӡом. Изгәаԥхо ыҟоуп, аха уи ԥсыхәа змам ҳәа иԥхьаӡаны иҟаҵоу ауп. Аҭиҩцәа ршәахтә аус шаҟа мшы ируаз ала убри шәаны-изаны иршәоит ҳәа ауп ишыздыруа. Иахьатәи ала усоуп. Ҩышықәса раԥхьа ҳара архьшәашәага дуқәа ықәҳаргылеит, доусы ибжьысуа итауар уахь инаганы иҩнаиргылар алшоит. Убри ала ма ҳрыцхраар ҳалшоит. Егьыс ибжьысуагьы ҟалар ауеит, аха ари аԥшьызгаз уи рзымдыркәа иҟам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьуӷьелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны аџьармыкьақәа русура аграфик алагалоуп COVID-19 иахырҟьаны
Аԥсны араионқәа рхадацәа COVID-19 азы аепидҭагылазаашьа иалацәажәеит