Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа фымз рыҩныҵҟа COVID-19 аҟынтә алаҵа рзыҟаҵахоит

Аладатәи Арратә округ аруаа рҿы массалатәи алаҵаҟаҵара иалагоит. Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" актәи апартиа ааган Аԥсны иҟоу арратә базахь ԥхынҷкәын 2 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. 225 000-ҩык рҟынӡа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа фымз рыҩныҵҟа COVID-19 аҟынтә алаҵа рзыҟаҵахоит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә база аҟны алаҵаҟаҵара иалагеит

Алаҵа рзыҟаҵахоит аррамаҵзурауаа рҭаацәа, аграждантә персонал. Зынӡа шәнызқьҩык рҟынӡа.

Амассатә лаҵаҟаҵара хацыркхеит Аладатәи арратә округ аҿы. Актәи акомпонент рзыҟарҵахьеит 17 000-ҩык рҟынӡа, ҩ-компонентк рзыҟарҵахьеит фнызқьҩык.

Жәабран  15  2021 шықәсанӡа арратә округ амедусҳәарҭақәа иазыԥхьагәарҭоит аҽа 60 000-ҩык алаҵа рзыҟаҵара.

Алаҵа хатәгәаԥхаралоуп ишыҟарҵо, иззыҟарҵо уи азы ашәҟәы инапы аҵеиҩуеит.

Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. Абасала иара адунеи аҿы ираԥхьатәиу коронавирус SARS-COV-2 иаҿагыло лаҵоуп.