Арадио

Аршба: аӡӡаахра ашьҭахь, Анцәа ицәшәара соуа сҟалеит

Аҟәатәи ауахәама асаркьаласҩы Тимофеи Аршба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит анаҭра ашьҭахь иара иԥсҭазаара зегьы аҽшеиҭанакыз.
Sputnik
Аршба: аӡӡаахра ашьҭахь, Анцәа ицәшәара соуа сҟалеит

"Ари амш сара сзы аҵакы ӷәӷәа амоуп, зҽызнаҭуа ауаҩы иҽыиԥсахуеит. Сара сҽахьыснаҭыз Дранда абахҭаҿоуп. Аб Далмаҭ уа ҳӡааихит, уи ашьҭахь сыԥсы сацәшәо салагеит, даҽакала схы мҩаԥызго, Анцәа ицәшәара соуа сҟалеит. Усҟантәи аамҭа зны-зынла сазхәыцуеит, уи агәнаҳарақәа зегьы ухазыршҭуа, угәҭыха зегьы Анцәа иҿаԥхьа иануҳәалак, аныҳәа уҽалархәны, ҳазшаз ичеиџь анудукылалак, анкьатәи аԥсҭазаара уаргәамҵӡом. Сара есышықәса аӡы сҭалоит, аӡӡаахра уи иаҵанакуа, ҿыц аироуп", - азгәеиҭеит Аршба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: