Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аб Игнати: ауаҩы иарбан мшызаалакгьы диир шалшо еиԥш, аӡӡаахрагьы иҷыдоу мшык азалхым

© SputnikОтец Игнатий
Отец Игнатий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апандемиа аамҭазы Қьырса иӡӡаахра амш аҽны зыҽӡаазхыр зҭаху ус еиԥш алшара роуама, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Каман иҟоу Аԥшьа Иоанн Ахьҿы иуахәама амҵаныҳәаҩ аигумен аб Игнати Киут.
Аб Игнати: ауаҩы иарбан мшызаалакгьы диир шалшо еиԥш, аӡӡаахрагьы иҷыдоу мшык азалхым

"Иаса Қьырса иаҭәамызт аӡӡаахра, избанзар иара дыцқьан, аха ҿырԥштәыс иаҳзаанижьит аӡӡаахра аҵак ду шамоу. Иара ихаҭа иҽӡааихуеит Иоанн Аԥшьаҩ иҟнытә, уи ала иаҳирбоит аӡӡаахра аҵак ду, аӡы иӡаахым жәҩан иҟоу џьанаҭ гыларҭас иуӡом. Аӡӡаахра есымшагьы иҟалоит, амза 19 рзы мацара акәым. Ауаҩы иарбан мшызаалакгьы диир шалшо, убас аӡӡаахрагьы алшоит. Каман амза 17 инаркны Анцәа иныҳәарақәа мҩаԥаҳгалоит. Шьыжьи хәылбыҽхеи хԥа ԥшьба сааҭ ицо аныҳәарақәа ҟалоит. Амза 18 рзы ашьыжь Анцәа иныҳәара ашьҭахь аӡы ҳаԥшьоит. Анаҩс ахәылбыҽха еиҭа аныҳәара мҩаԥаагоит, ашьҭахь 23:00 сааҭ рзы ҳцоит Василиск дахьгәаҟуаз аӡыхь ахьыҵыҵуа. Уахьыҟазаалакгьы, угәабзиара уахылаԥшроуп, ҳара асанитартә нормақәа гәцаракны иҳамоуп ауахәамаҿы. Згәабзиара уашәшәыроу ауаа аӡӡаахраҿы рыҽныркылар бзиоуп, аха сара игәасҭахьеит, аӡыхьшәашәаҿы зыҽӡаазххьоу аӡәгьы дычмазаҩымхацт", - ҳәа еиҭеиҳәеит аб Игнати.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0