Аҳәынҭавтоинспекциаҿы еиҭарҳәеит асоуразы амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Ашәахьа, ажьырныҳәа 18 ахәылбыҽха асоура иалагеит Аԥсны иахьаҵанакуа. Гәдоуҭеи Аҟәеи араионқәа рҿы ареспубликатә трассаҿ иқәҵааит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа Гәдоуҭеи Аҟәеи араионқәа рҿы ареспубликатә трассаҿ иахьықәҵааз  аусурақәа мҩаԥыргоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика ААИ аиҳабы Баҭал Агрба.

Иара иажәақәа рыла аныҟәара маҷк иуадаҩуп Аҩада-Ешыратәи амҩахәҭаҿи Хыԥсҭа ақыҭа иахьаԥнуи.

"Анхәа лыбз ҳәа иахьашьҭоу амашьынақәа рныҟәара ырманшәалоуп Алада Ешыра аганахь алатәи амҩала атранспорт ахьоушьҭу иабзоураны. Амш аҩбатәи ахәҭазы аҭагылазаашьа еилкаахоит. Амҩатә усзуҩцәагьы русқәа нарыгӡоит. Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа рнапынҵақәа мҩаԥыргоит, аныҟәара  еиҿыркаауеит",- иҳәеит иара.

Агрба иазгәеиҭеит, ареспубликатә трассахь ацәырҵра шаҭахым амашьына аӡынтә резина ала еиқәыршәамзар, уи адагьы ԥсыхәа змам уск ыҟамзар амҩа анылара ауаа рҽацәхьаркларц аҳәара ҟаиҵеит амҩатә машәырқәа раԥырҟәҟәааразы.