Адәыӷба "Аҟәа-Москва" Афон ҿыц иаангылеит, Алада Ешыра иҟалаз авариа иахҟьаны

Апассаџьыртә дәыӷба "Аҟәа-Москва" Афон Ҿыц аҿы амҩаҿ авариа иахҟьаны иаангылеит ажьырныҳәа 20 рзы. Апассаџьырцәа автобусқәа рыла Аҟәаҟа иааргеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Апассаџьыртә дәыӷба "Аҟәа-Москва" иаангылеит, Алада Ешыра ааигәара ацистернақәа арельсқәа рныҵра иахҟьаны ҳәа ааицҳауеит АУН "Аԥсныеихамҩа" анапхгаҩы Арсоу Ҷыҭанаа.

"Авариа мзызны иамоу ҳамҩатә нхамҩа акыр ауашәшәыроуп. Арельсқәа рымацара рықәсра адагьы ашпалақәагьы ажәуп. Апроблема рацәа ыҟоуп. Иахьазы иҟалаз аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәҵоуп. Ацистернақәа арельсқәа ирықәыргылоуп", - иҳәеит иара.

Ҷыҭанаа иара убасгьы иазгәеиҭеит, адәыӷба Москваҟа ахынҳәра аамҭа аҟынӡа Афон Ҿыц игылазаауеит ҳәа. Анаплакы еиҿнакааит апассаџьырцәа автобусла Аҟәаҟа рнагара, иара убри атранспорт ала Урыстәылаҟа ицараны иҟоу апассаџьырцәа Афон Ҿыцҟагьы инаргоит. Апассаџьырцәа рҟынтәи иарбанызаалак гәыҩбарак аарԥшымызт, иҳәоит анаплакы анапхгаҩы.