Аԥсны Апрокуратура хада Урыстәылантәи азыҳәа азаарышьҭит "Япончик" иус аганахь ала

Аԥсны атәылауаа ҩыџьа латәарада ирбаандаҩуп Урыстәылатәи Афедерациаҿы аӷьыч "Япончик" ишьра иалахәуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа  20  - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада Урыстәылантәи ацхыраараҟаҵаразы азыҳәа азаарышьҭит "Япончик" ҳәа хьыӡшьараны измаз аӷьыч Виачеслав Иваньков иус аганахь ала. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Аԥсны атәылауаа ҩыџьа жәларбжьаратә шьҭазаара рымоуп "Япончик" ишьра иалахәын ҳәа

Аԥсны атәылауаа Астамыр Быҭәбеи Нугзар Папааи латәарада ахара рыдҵоуп аӷьыч Виачеслав Иваньков ишьра иалахәуп ҳәа.

Ирбаандаҩуп Москва ақаалақь Басмантәи аӡбарҭа аӡбрала, жәларбжьаратә ашьҭазаарагьы рықәҵоуп.

Иаиуз азыҳәа инақәыршәаны Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә ҟәша аусҭҵааратәии апроцессуалтәи уснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.

Аусбарҭа апресс-маҵзура иазгәанаҭоит Урыстәыла Апрокуратура хада азыҳәаҿы ишазыԥхьагәанамҭо Аԥсны атәылауаа Быҭәбеи Папааи роура, Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны ареспублика атәылауаа аҳәаанырцә ҳәынҭқарра аҭара азин ахьыҟам азы.

Убри аан Аԥсны АЗ инақәыршәаны, Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра ҵаҵӷәыс иҟаҵаны арҭ ахаҿқәа иахәҭоу ашьаустә материалқәа роураан рус аӡбра алшоит.

Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы аинформациала Иваньков ишьра анагӡаҩцәа Астамыр Быҭәбеи Нугзар Папааи Калашников иавтоматқәа рыла еибыҭаны ацәгьоура ахьыҟаз аҭыԥ аҿы иҟан.

Нугзар Папаа иара убасгьы Омар Мирцхәылаа иӷьычра далахәуп ҳәа ахара идырҵоит. Абри азы ашьаустә материалқәа Аҟәа араионтә ӡбарҭа еилнаргоит.