Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа Амшынеиқәа аҵакыраҿы "аӷа" иракетақәа ҭадырхеит

Аԥырҩы дызҭам «аӷа» ихархәагақәа аԥшыхәра мҩаԥыргон Аԥсны аҵакыраҿы иҟоу арратә обиектқәа рганахь ала, Амшынеиқәа аԥшаҳәа иаваршәны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауаа "аӷа" аԥырҩы дызҭам ихархәагақәеи  амҵәыжәҩа змоу иракетақәеи ҭадырхеит Амшынеиқәа аҵакыраҿы ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигон Ҵабал аҿы. Урҭ ирылахәын амотохысцәеи арадиоелектронтә ҿагылара ахәҭақәеи.

Аррамаҵзурауаа аԥхьа ирбеит аԥшыхәратә хархәага. Дара уи амҩангара иалагеит. Уи аан рхы иадырхәеит арадио аԥырхага азҭо астанциақәа, нас арадиоелектронтә ҿагылара ахәҭақәа ишьақәдыргылеит ахархәага аласра.

Аԥырҩы дызҭам аԥшыхәратә хархәага амҩангара алыршаны аруаа иара дара рҵакыраҿы идыртәеит.

Арадиоелектронтә ҿагылара ахәҭақәа цәҟьараны рхы иадырхәеит Аԥсны игылоу урыстәылатәи арратә хәҭа иатәу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа.