АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik, Сариа Кәарцхьаԥҳа. ЕгрыГЕС аусура аанкылан ажьырныҳәа 20 асааҭ 15:00 рзы.
ЕгрыГЕС анапхгараҭара ахантәаҩы Леван Мебониа иажәақәа рыла, агрегатқәа рыхәбагьы аанкылоуп, аӡы аӡеизакырҭаҟынтәи атоннель ахь изымнеиуа иҟаҵоуп. Аусуҩцәа атоннель ҭадырцәуеит. Уи хымшҟа аҭахуп.
"Ажьырныҳәа 24 инаркны аремонт иалагар ауеит. Атехника, ауаа зегьы рҭыԥқәа рҿы иҟоуп, аусура анапалакра иазыхиоуп. Атоннель 15 километра инаӡоит, аҭбаара 9 метрак иҟоуп. Ауадаҩрақәа ҳәарада иҟоуп, аха аусурақәа рыплан шьақәыргылоуп. Аграфик еиԥҟьап ҳәа сыҟам. Усеиԥш ҭагылазаашьак ҟалар ҳәа арезервтә гәыԥ азыхианы иҟоуп",- иҳәеит Мебониа.
АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор Михаил Логәуа уаанӡа иҳәеит, иахьанӡа арахьынтәи алашара шроуаз Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гагра араионқәа. Ахаша, асааҭ 11:00 рзы урыстәылатәи аҟазауаа арҭ араионқәа урыстәылатәи афымцамчхара раҵаркразы иахәҭаны иҟоу аусурақәа мҩаԥыргоит ҳәа иҳәеит иара.
Аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит ақырҭуа ргыларатә еилахәыра, анемец ҟазауаа рыпроект ала. Аԥарашәара мҩаԥнагоит Европатәи арҿиара абанк. Иахьазы Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит.
ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҵыхәтәантәи аремонт мҩаԥган 2006 шықәса рзы, ашәарҭадара атехника ишаҳәо ала ес-хәышықәса аҭагылазаашьа ишашьклаԥшлатәу. Уажәы аӡы ахьацәцо азы 250 миллион киловатт сааҭ ыӡуеит. Ари Аԥсны шықәсык ала ахы ианархәо афымцалашараҟынтә 10% артәоит.
Аремонт ахәԥса 45 миллион евро итәоит, уи аҟынтәи 7 миллион евро Еврокомиссиа грантк аҳасаб ала иоунашьҭит, 38 миллион ареконструкциақәеи аҿиареи Европатәи рбанк (EBRD) иоунашьҭит.
Мебониа иажәақәа рыла астанциа ахаҭа аус бзианы иауеит.
"Атоннель проблеманы иҟан. Сгәы иаанагоит аремонт ашьҭахь ҳцәыӡқәа 30-40% еиҵахап ҳәа. Уи инақәыршәаны ГЕС аусурагьы 100 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа иацлароуп", - иҳәеит Мебониа.
ЕгрыГЕС заҵәык ауп Аԥсны аҵакыра зегьы фымцалашарала еиқәзыршәо. Иара ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла. Астанциа ашықәсбжьаратә фымцамч аужьра х-миллиардки 700 миллион киловатт ыҟоуп сааҭк ала.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: