Арадио

Багаҭелиа аҩнеихагылақәа рҿы амаинингқәа рызҵааразы: ҳаимдо ҳабжьоуп

Аҟәатәи аҩнусбарҭа №2 аиҳабы Алексеи Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада идҵа амаинингқәа рызҵааразы анагӡара аус шцо атәы.
Sputnik

 

Багаҭелиа аҩнеихагылақәа рҿы амаинингқәа рызҵааразы: ҳаимдо ҳабжьоуп

"Беслан Ешба идҵа амининг машьынақәа ахьықәгылоу аилкааразы аусура анагӡара ҳаҿуп. Ахыбқәа, аҩнаҵаҟақәа уҳәа ацәаҳәақәа ахьнагоу еилкаатәуп, зегьынџьара ҳаимдо ҳабжьоуп. Аҩны аҩналара азин ҳамаӡам, аха ахыбқәеи аҩнаҵаҟақәеи еимаҳдоит, иахьыҟоугьы ҳбахьеит. Ауааԥсырагьы ҳрацәажәахьеит, еилызкаауа дыҟоуп, еилызымкаауа дубап. Еилызкаауа иаразнак иаҿырхуеит. Нас ҳусзуҩцәа цан игәарҭоит, иахылаԥшуеит. Иалкаахаз аҭыԥқәа ақалақь ахадеи аҩнуҵҟатәи аусбарҭақәеи рҟынӡа инаҳгоит, анаҩс дара русура нарыгӡоит. Аҩнеихагылақәа рҿы амаинингқәа рықәыргылара азин ыҟам, избанзар ара аиԥырҟьагақәа, арубильникқәа ҳәа изышьҭоу амоуп. Зегьы анаҿауклак, иара былуеит, уи џьарак акәым, ҩыџьарагьы акәым. Дара ауааԥсыра рхаҭагьы роуп лашарада иаанхо. Ҳара ҳцәаҳәақәа ирылшаӡом ас еиԥш ақәыӷәӷәара. Ауаа арԥхагақәа аҿаркуеит, адашьмақәа, аӡыршы, ирылшаӡом иара зегьы ацәаҳәақәа, ибылуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Багаҭелиа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: