Арадио

Сурманиӡе аԥкрақәа рықәныҟәаразы агәаҭарақәа рылҵшәазы: ауаа иаҳа игәцараркит

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акарантинтә режим ақәныҟәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы имҩаԥысуа агәаҭарақәа рылҵшәа атәы.
Sputnik
Сурманиӡе аԥкрақәа рықәныҟәаразы агәаҭарақәа рылҵшәазы: ауаа иаҳа игәцараркит

"Аџьармыкьаҿы иацтәи амш аҽны абжьааԥны еиԥшымкәа ауаа рацәан ҳәа узҳәаӡом. Уаҟа аус зуа аԥсҭазаара бзиа аҟынтә акәӡам аус зыруа, ахьҭа иакуа, сааҭла игылоуп рҭаацәа ныҟәыргарцаз, аха ачымазара ҭаха ҳнамҭеит азоуп аԥкрақәа залагалоу. Аҭиҩцәа уаанӡа аԥкрақәа аналагалаз даара игәамҵуан, уажәы иаҳа еилыркаауа иалагеит, ишахәҭоугьы иазнеиуеит. Абри аабеит аџьармыкьа аҩнуҵҟеи акәша-мыкәшеи. Ҳара ауааԥсыра ргәынҽанӡамкәа ҳрызнеит. Иҳәатәуп, асабрадақәа зхаз шырацәаҩыз. Ауааԥсыра рхымҩаԥгашьа ҳгәаԥхеит. Иацтәи ареидқәа рҿы иаабеит ауааԥсыра асабрадақәа зхазҵо иаҳа ишырацәаҩу, изхам реиҳагьы. Изхамгьы ҳрацәажәеит иреилҳаркааит уи шхымԥадатәиу", - еиҭеиҳәеит Сурманиӡе.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.