АҞӘА, ажьырныҳәа 24-Sputnik. Жьҭаарамза 2020 шықәса инаркны COVID-19 ачымазцәа зхәышәтәуа амедусзуҩцәа афинанстә цхыраара рыҭан Москватәи аԥсуа диаспореи агәыҳалалратә фонд "Амшреи" рҟынтәи, ашәарацҵақәа иартәеит 5 879 000 миллион мааҭ, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит адиаспора аиҳабы Беслан Агрба.
Ашәарацҵақәа рыҭан Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа, акоронавирус зыдбалаз рыхәышәтәра знапы алакыз амедусзуҩцәа, иара убас есымза аԥаратә шәарақәа рыҭан адистанциала ачымазцәа абжьгарақәа рызҭоз аҳақьымцәагьы.
Иааидкыланы ацхыраара рыҭан 361-ҩык "ацәаҳәа ҟаԥшь" аҟны аус зуаз гәдоуҭатәи аковидтә центр аҳақьымцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҳақьымцәа-ареаниматологцәа, азеиԥш ҳақьымцәа, аҳақьымцәа-алаборантцәа, арентгенологцәа, амедиеҳәшьцәа, асанитартә усзуҩцәа, ацхыраара лас аныҟәцаҩцәа, иара убас 22-а амбулатортә хәҭа аҳақьымцәа.
Ԥхынҷкәынамзазы зныктәи ацхыраара рыҭан ареспубликатә асанитартә-бактериологиа алабораториа 14-ҩык аусзуҩцәа.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны аус зуаз, ашәарацҵақәа зауз амедицинатә гәыԥқәа еиҿкаан Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҳақьымцәа рыла:
- Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа-126-ҩык,
- Аресбуликатә хәышәтәырҭа, Аҟәа- 70-ҩык,
Аҟәатәи ақалақьтә аклиникатә хәышәтәырҭа-28-ҩык,
- Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа-24-ҩык,
- Гәылрыԥшьтәи ахәышәтәырҭа- 19-ҩык,
- Галтәи ахәышәтәырҭа-16-ҩык,
- Гагратәи ахәышәтәырҭа-9-ҩык,
- Ареспубликатә аимҳәадухәышәтәырҭа диспансер, Аҟәа- 6-ҩык,
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь- 5-ҩык,
- Араионтә хәыҷтәы хәышәтәырҭа, Аҟәа- 5-ҩык,
Ареспубликатә аԥсихоневрологиатә хәышәтәырҭа-хҩык,
- Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр, Аҟәа-хҩык,
Аҟәатәи амедицинатә коллеџь-хҩык,
- Очамчыратәи ахәышәтәырҭа-ҩыџьа,
- Ахәыҷтәы поликлиника, Аҟәа- ҩыџьа,
- Ареспубликатә авенерологиатә чымазара ҿкы, Аҟәа-ҩыџьа,
- Аполиклиника, аҟәа- аӡәы.
Иазгәаҭоуп, аусурақәеи ахылаԥшреи Москватәи аԥсуа диаспореи агәыҳалалратә фонд "Амшреи" еицымҩаԥыргеит ҳәа.