ЕгрыГЕС атоннель аремонт азура иалагеит

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт азуразы аусура аанкылан ажьырныҳәа 20 рзы. Абри аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа урыстәылатәи афымцалашарала еиқәыршәахоит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 24-Sputnik. ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт азура иалагеит амҽыша ашьыжь инаркны ажьырныҳәа 24 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ЕгрыГЕС анапхгараҭара ахантәаҩы Леван Мебониа.

"Аҟазауаа аусурақәа ирылагахьеит, уажәы аидҳәалақәа ашьақәыргылара иаҿуп- аимадара, афымцалашара анашьҭра, атехника аргылара. Уаҵәашьҭахь адгьылкылҵәареи, ацемент ықәырҭәареи ҳалагоит", - иҳәеит иара.

Мебониа иажәақәа рыла, аремонт ҟаҵаҩцәа ргәыԥқәа х-сменакны ишоуп, дара уахгьы-ҽынгьы аус рулоит, рҽырыԥсахлоит. Аусурақәа ирылахәуп ҩышәҩык аусзуҩцәа.

"Урҭ анџьнырцәа, адгьылкылҵәаҩцәа, ацемент ықәырҭәаҩцәа, амеханикцәа, афымцазҟазацәа уҳәа. ҳусутә рацәоуп. Ихадароу аусурақәа ируакуп- атоннель бетонла иахьыҟаҵоу ацемент ықәырҭәареи адгьылкылҵәареи роуп, уи азы иахәҭоу атехника ргылоуп. Ҭыԥқәак рҟны ажәытә бетон ықәганы аҿыц ҭарҭәахоит", - азгәеиҭеит Мебониа.

ЕгрыГЕС аанкылоуп атоннель аремонт азуразы

2021 шықәса мшаԥымза анҵәамҭанӡа астанциаҿы имҩаԥыслоит адеривациатә тоннель аиҭашьақәыргылара. Ҩ- километраки бжаки иҟоу ахәҭа аремонт азутәуп. Зынӡа атоннель аура 15 километра иҟоуп.

Аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит ақырҭуа ргыларатә еилахәыра, анемец ҟазауаа рыпроект ала. Аԥарашәара мҩаԥнагоит Европатәи арҿиара абанк. Иахьазы Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит. ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҵыхәтәантәи аремонт мҩаԥган 2006 шықәса рзы, ашәарҭадара атехника ишаҳәо ала ес-хәышықәса аҭагылазаашьа ишашьклаԥшлатәу. Уажәы аӡы ахьацәцо азы 250 миллион киловатт сааҭ ыӡуеит. Ари Аԥсны шықәсык ала ахы ианархәо афымцалашараҟынтә 10% артәоит.

ЕгрыГЕС заҵәык Ауп Аԥсны аҵакыра зегьы фымцалашарала еиқәзыршәо. Иара ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла. Астанциа ашықәсбжьаратә фымцамч аужьра х-миллиардки 700 миллион киловатт ыҟоуп сааҭк ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: