"Ҳара ҳазламаҷу ала ҳажәлар рхәыҷқәа зегьы аҵара дҳарҵароуп. Даара иаҳԥырхагахеит ари ачымазара иҟоу. Атехникалагьы аҵара аминистрра иазхьамԥшыргьы ҟалаӡом. Зегьы зызхьаԥшыз уара мамоу уҳәар, аҵахь уцоит. Аха зҵаарак телефонла иаарышьҭит, уара уи аҭак ҟауҵеит ҳәа уи иаанагаӡом аурок мҩаԥугеит ҳәа. Онлаин аҵара уи ԥсымшьҭыгак ауп ҳәа иаҿуп. Февраль азы ахәыҷқәа ашкол ахь ицар ҟалап ҳәа рҳәоит, аха сара сгәаанагарала, ари алашаразы иҟоу ауадаҩреи ачымазареи ирыхҟьаны уи иаԥсам ҳәа сахәаԥшуеит. Ҳара есышықәса уажәааны ақалақьтә школқәа ауҳашьҭуан агрипп чымазара иахҟьаны. Март мзазы ҳалагар, иара аԥсшьарамшқәа налаҵаны аҵара ҳҵар, ииунь, ииульгьы аҵара ҳҵар, мызкы аԥсшьара рызхоит аҳәыҷқәа, апрограмма зегьы ханамырҭәааргьы, ихадоу алкааны идурҵар алшоит. Арыцҳара ахьыҟоу актәи, ахәбатәи, ажәеизатәи аклассқәа рҿоуп. Убарҭ урыцхраартә еиԥш иҟалоит арҵаҩцәа даара рхы аус адырулар. Егьыс, уаҳа ԥсыхәас иамоу сыздырым, уҭыҵыргьы ҩыџьа ааиуеит, жәаҩык ааиӡом, иҟалац еиҭаҟалахуеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳалбад.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Владимир Делба: Аԥсны аҵаратә процесс хацыркхар алшоит
Смыр аҵаратә процесс ахацыркразы: аҭагылазаашьа ҳҽаршьцыланы имҩаԥаҳгароуп