"Ас еиԥш аилатәара мзызс иамоу Гагра иқәынхо ахәыҷқәа рҭаацәа ирҩыз иаарту ашәҟәы, иара убас азеиԥшмилаҭтә ҭаацәаратә еилакы аиҿкаара роуп. Иқәдыргыло азҵаара зегьы иаҳзеиԥшуп, ҳтәаны ҳахәаԥшлар лҵшәас иаиуеи ҳәа ҳгәы иаанаганы, азҵаара здыруа ҳаизаны ҳалацәажәеит. Аҿкы чымазара ҳзааит, шьҭа аҭагылазаашьа ҳҽаршьцыланы акы ҟаҳҵароуп. Адунеизегьтәи абанк апланқәа шьақәыргыланы ирымоуп март 2023 шықәсанӡа, уаанӡа аҿкы ыҟазаауеит ҳәа азгәарҭоит. Ҳара уаанӡа ҳтәаны ҳзыԥшӡом, ҳахшыҩ еилаҵаны акы азаҳӡбароуп", - иҳәеит Смыр.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны 80 школ рҟны 100-ҩык иреиҵаны аҵаҩцәа шыҟоу, урҭ рҟны аҵара апроцесс аанкылара ахәҭаны ибом. Даҽа зҵаароуп урҭ ашколқәа афымцалашареи аԥхареи рыла иахьынӡеиқәшәоу.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Асанепидемстанциа: Аԥснытәи ахәыҷбаҳчақәа аадыртыр ҟалоит