Џьапуаԥҳа апандемиа аамҭазы ауниверситет аҟны лҵаразы: аҭагылазаашьа ҳҽанҳраалеит
© Sputnik
"Астудент иԥсҭазаара ганкахьала иуадаҩуп, аҵара атәы ҳҳәозар, аха даҽа ганкахьала аинтерес аҵоуп. Иалсхыз азанааҭ уадаҩуп, аха ибзианы аҵара сҽазысшәоит. Уажәы ҳазҭагылоу аамҭазы арҵаҩцәа акыр иҳацхраауеит. Иаҳа иуадаҩу амаҭәарқәа ауниверситет аҟны ҳнеины иаҳҵон, иаҳа имариоу - онлаин ала ҳархысуеит. Уи ауадаҩрақәа ацуп, избанзар иҟоуп аимадара аныҟам. Аҭагылазаашьа ҳҽанҳраалеит, ҳәарада", - ҳәа азгәалҭеит Џьапуаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Амқәаб: иахьамуа, латәарала имҩаԥаҳгароуп аҵаратә процесс, аанкылара ҟалом