Аԥаршеи жәабжьқәа рзы Sputnik Аԥсны ахьӡ рхы изадырхәозеи

Аԥснытәи Telegram-каналқәа руак аҿы ицәырган Sputnik Аԥсны асаит иатәушәа аинформациа ԥаршеи.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура аредакциа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥснытәи Telegram-каналқәа руак аҿы ицәыргаз аскриншотқәа акала ишрыдҳәалам, Sputnik алоготип ма егьырҭ асимволикақәагьы рхархәара азин шыҟаҵамыз.

"Аԥснытәи Telegram-каналқәа руак аҿы ицәырган Sputnik Аԥсны асаит иатәушәа аинформациа ԥаршеи. Ари хәмарроушәа аӡәы иаанагар ауазаргьы ҟалоит, аха ари хәмарраӡам. Асеиԥш ҟазҵаз ауаагьы ззин ыҟоуи ззин ыҟами рҳәаақәа рцәеилагеит. Ари аҩыза еиқәырҽаҽоу амцҳәарала уи авторцәа ԥхьаҟа ирҳәараны иҟоу ажәабжьқәа ауаа агәра рымгартә ишыҟарҵо рзеилкаауам. Даҽаӡәы иитәу абренд ахархәарала ухатәы узеиҿкаауам. Аканал знапы аҵаҩу ахархәаҩцәа ирыҩца иалагеит ари аинформациа шԥаршеиз шеилыркааз, ишаҿаԥырҽуаз аазырԥшуаз ахҳәаақәа, аха урҭ аканал администраторцәа иаразнакы идрыцқьеит, рышьҭа дырӡырц. Абри акәзаап нас Аԥсны еснагь излаҽхәоз ажәа ахақәиҭра", - ҳәа иҳәеит амаҵзура анапхгаҩы Руслан Бганба.

Аԥаршеи жәабжьқәа рзы Sputnik Аԥсны ахьӡ рхы изадырхәозеи

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны аинтернет-портал аԥсышәалеиурысшәалеи иӡыргоуп. Иара убасгьы иара иамоуп Telegram-канали асоциалтә ҳақәа рҿы адаҟьақәеи:

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны фышықәса иреиҳауп ареспубликаҿы аус ауеижьҭеи. Instagram Sputnik Аԥсны рнапы аҵаҩуп 90,9 нызқьҩык, Facebook – 47 000-ҩык, Telegram-канал – 8 000-ҩык.