Аԥсны акоронавирус злаз фҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11355-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 9467-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 167-ы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 543-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 54-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ажьырныҳәа 25-26 рзы Аԥсны аковид-хәышәтәырҭақәа рҿы рыԥсҭазаара иалҵит фҩык апациентцәа.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ажьырныҳәа 26 рзы иԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа. 1931 шықәсазы ииз - идиагноз хада акоронавирустә инфекциа ҿыц, иара убас идбалан зымҩасшьа бааԥсыз авирус-бактериалтә ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра. Иԥсҭазаара далҵит 1949 шықәсазы ииз ахаҵа, идиагноз хада акоронавирустә инфекциа ҿыц.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 1950 шықәсазы ииз апациент, идиагноз хада акоронавирустә инфекциа ҿыц. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит иҭагылазаашьа бааԥсны, ирԥҳақәа ачымазара акыр ирылаҽны. Апациент мызкы иназынаԥшуа иақәнагаз ахәышәтәра дахысуан, аха уи иахьмырԥшкәа иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 26 рзы.

Аҟәа COVID-19 азы ПЦР-тестқәа иахьыҟарҵо апункт ҿыц аадыртуеит

Урыстәылатәи арратә госпиталь аҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа. 1950 шықәса рзы ииз апациент иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 15 рзы, 1946, 1948 шықәсқәа рзы ииз ҩыџьа апациентцәа - ажьырныҳәа 26 рзы. Урҭ рыхҩыкгьы акоронавирустә инфекциа адиагноз рзышьақәырӷәӷәан.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 118-ҩык, урҭ рахьтә 104-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 34-ҩык, ибжьаратәуп - 50-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 19-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 29-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 46-ҩык апациентцәа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>