Гагра агәаҭарақәа рышьҭахь акрыфарҭақәа фба адыркит

Жәабран 10 рҟынӡа Аԥсны азин ыҟам азеиԥшкрыфарачара аобиектқәа русура, афатә дәылганы ауаа рыҭара ада.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны ААР Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы аусбарҭа аусзуҩцәеи, Гагра араион амилициа аҟәша аусзуҩцәеи, Асанепидемстанциеи, араион ахадара ахаҭарнакцәеи еицымҩаԥыргеит Гагреи Гагра араиони рҿы иҟоу азеиԥш крыфарачара аобиектқәа рҟны ареидтә усмҩаԥгатәқәа.

Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

"Агәаҭарақәа рышьҭахь иаркуп аобиектқәа фба: Гагра, В. Арӡынба имҩаҿы иҟоу акаҳуажәырҭақәа ҩба - "ROLL&BURGS", "Русалочка", Демерџьиԥа имҩаҿы иҟоу акрыфарҭа №1, Абазгаа рымҩаҿы иҟоу акаҳуажәырҭа "Жемчужина", иара убасгьы Бзыԥ ақыҭаҿы иҟоу акаҳуажәырҭеи аԥацхеи.

Аусбарҭа апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, араион аобиектқәа реиҳарак атәыла ахада иусԥҟа инақәыршәаны аус руеит.

Аԥсны ААР аусзуҩцәа аамҭа-аамҭала имҩаԥыргоит агәҽанҵара-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа, атәылаҿы акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы.